Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҳагбеи Ҭарашь Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа ахада Логәа Шабаҭ.
Ирылацәажәеит Амедиатә шьапылампылтә лига иааиуа асезон ҿыц аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа. Иара убас мшаԥымза 24 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп аартра инамаданы ахәмарра, еиԥылараны иҟоуп акомандақәа «Аԥсны», «Амкал».
Гәынба Бадра иазгәеиҭеит Атәыла анапхгара Амедиатә шьапылампылтә лига ахәмаррақәа рымҩаԥгараҿы иахәҭоу ацхыраара шыҟанаҵо. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, уи ареспубликаҿы аспорт аҿиареи атәыла аларҵәареи иацхраауеит.
Николаи Осипов иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟаиҵаз адгыларазы, иагьазгәеиҭеит Амедиатә шьапылампылтә лига Аԥсны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ишазхиоу.
